Аҿыц короновирус (COVID-19) иазкны абжьагарақәа аҽыҧхьакра аҟны иҟоу ауаа рзы.

13 March 2020

Аҿыц короновирус (COVID-19) иазкны ишьақәырҕәҕәоу аҧҟара инашьашәало раҧхьаӡа аҽыҧхьакра иҟоу инаигӡар ауп абарҭ аҵасқәа:

а) Аҽыҧхьакра дцар ауп аҽымазара злаҽу аҵыхәтәантәи 14 мшеи, игәабзиара аҭагылазаашьа ашьклаҧшреи:

б) Аҽыҧхьакырҭа аҟны асас идкылара ҟалаӡом:

г) Афатә рыҭара ҟалоит аха ичымазҩы икьымскәа.

д) Анхарҭа аҟны инхо егьырҭ ауаа дрыдымкьыслароуп. 1 метрак инаскьаганы 15 минуҭ еиҳамкуа азин ыҟоуп.аимадара. 

е) Аҽыҧхьакра аан ахатәы  ачысмаҭәа ( аҵәца, ачанах, амҳаҵә уҳәа уб.егь.) ампахьшьы, ахатәы иарҭа:

в) Аҭел еимадара, аинтернет ахархәареи аҧкыра амам. Аҽыҧхьакра аамҭазы агәабзиара хьчаратә амаҵурақәа иақәнаго ахылаҧшра наргӡоит. Агәабзиара ахылаҧшра мҩаҧгазар ҟалоит ишиашоу икьымскәа- имцашоура ихала ишәоит, ачымазара  ацәырҵшьа атәы реиҳәоит.

ҭ) Амцашоура ма иҧсыҧ аивыгара авирустә аинфекциа еиҧш аклиникатә аарҧшрақәа ҟалар, аинфекциатә ахәшәтәырҭа ахь иаразнак диаргоит ма иара ихала дцоит.

и) Иҿкым ачымазара ихьыр (иаҳҳәап ахирургиатә, агинекологиатә ма даҽа)  хымҧада астационар ахь диагатәызар уи ииагара иҷыдоу амашьына  ала имҩаҧгахоит астационар аҟны иҷыдоу абокстә уаҭах аҟны дышьҭарҵоит, аҟәыҭхаратә аамҭа ахьынӡыҟоу;

к) Аҭаҭын ма арыжәтә ма даҽа маҭәахәқәак ахархәара аҟнытә иҽааникылар ауп :

л) Азҩыдаратә аҧсҭазаара ахьчара – изҩыдоу афатә, аҧсшьара, абҩарҵәыра, асоциалтә еимадарақәа рынагӡара изааигәоу ауаа рҽы, аҩны ма аҭел ма аелектронтә ҧошьҭала аҭаацәара егьырҭ ахаҭарнакцәа, аҩызцәа рҟны аимадарақәа.

Аҽыҧхьакра аҟны иҟоу ауаҩы, аус иуазар Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакыра аҟны, Ахҵәацәеи, Аџьеи, Агәабзиареи, Асоциалтә ахьчареи аминистрра азин амоуп ас еиҧш иҟоу  ауаҩы изы  ачымазҩы иҭаххар, азинмчы змоу ахәшәтәырҭа абҕьыц аилыркаа иҭара.